Арадио

Кәыҵниаԥҳа: аԥхын аҿар аамҭа ахьырхырго аҭыԥқәа рацәам, аха ҳҽазаҳшәоит

Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа ирылагӡаны ахәыҷқәа рзы аҳҭнықалақь аҿы еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәеи, урҭ рхы зларкша аусхкқәеи арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахаҭарнак Есма Кәыҵниаԥҳа.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа аԥхынтәи ахәыҷқәа рзы еиҿкаахо аусхкқәа ирызкны

"Аҿар раамҭа ахьырхырго аҭыԥқәа усҟак ирацәам, аха ҳҽазаҳшәоит урҭ рзгьы еиуеиԥшым аусхкқәа реиҿкаара. Иуль 1 инаркны аусура иалагоит аԥхынтәи акинотеатр, амшын аԥшаҳәаҿы есышықәса еиԥш ахәыҷқәеи аҿари рзы амультфильмқәа дырбалахоит. Аилак аҩнуҵҟа иаартуп хәыда-ԥсада абҩарҵәыреи, амилаҭтә кәашарақәа рзы асекциақәа, изҭаху зегьы уахь инеирц рылшоит. Нанҳәамзазы аусура хацнаркуеит "Аԥсны аҿар рыблала" ҳәа хьӡыс измоу апроект. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар идырбахоит аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыԥқәа", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.