Аԥсны Уругваи ахьӡала иқәгылоит Шәачатәи ашьапылампылтә турнир аҿы

Ааба-жәба шықәса зхыҵуа рыбжьара ашьапылампыл азы урыстәылазегьтәи атурнир Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" мҩаԥысуеит Шәача, рашәара 2 - 10 2018 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik, Бадри Есиава. Ааба-жәба шықәса зхыҵуа рыбжьара ашьапылампыл азы урыстәылазегьтәи атурнир Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" мҩаԥысуеит Шәача, рашәара 2 — 10 2018 шықәса рзы.

ФК "Динамо" Сухум" на турнире Hopes Cup "World Cup Sochi 2018"

Ақәыԥшцәа ршьапылампылтә клуб "Динамо" Аҟәа Уругваитәи акоманда ахьӡала иқәгылоит ашьапылампыл азы урыстәылазегьтәи атурнир Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" аҿы иҳәеит акоманда азыҟаҵаҩ Мераб Кәакәасқьыр.

"2018 шықәсазтәи ашьапылампыл азы адунеи Ачемпионат аламҭалаз Шәача имҩаԥысуеит Урыстәылеи Аԥсни ркомандақәа реицыхәмарра. Дара мундиал иалоу акомандақәа рыхьӡала иқәгылоит. Аҵәҭаԥсарала аклуб "Динамо" Аҟәа Уругваи ахьӡала ақәгылара ақәшәеит", — иҳәеит Кәакәасқьыр.

Иара убасгьы иҳәеит Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" иалаххоит урыстәылатәи акомандақәа жәба, аԥснытәи акоманда "Динамо"

Аҵәҭаршәра мҩаԥысит рашәара 2 рзы.

Мераб Кәакәасқьыр ишиҳәаз ала актәи ахәмарраан дара рыцықәгылоит Англиа ахьӡала иқәгыло краснодараа.

ФК «Динамо Сухум» на турнире Hopes Cup "World Cup Sochi 2018"