Адунеи ашьапыламплытә чемпионат аԥхьа, ааба-жәба шықәса зхыҵуа рыбжьара ашьапылампыл азы урыстәылазегьтәи атурнир Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" мҩаԥыргоит Шәача, рашәара 2 инаркны 10-нӡа. Уи иалахәу урыстәылатәи акомандақәеи Аԥсны ахәыҷтәы-қәыԥштә шьапылампылтә клуб "Динамо" ааӡамҭацәеи роуп. Аҵәҭаԥсара инақәыршәаны, Аԥснытәи ашьапылампыл асыҩцәа Уругваи акоманда ахьӡала иқәгылоит.
"Уругваи ахьӡала иқәгылоуп ҳкоманда, аха аԥсуа бираҟ кны. Зегьы ирдыруеит Аԥснынтә ҳшааз. Иацы ирыцхәмарит Англиа ашьапылампыл асыҩцәа рыхьӡала иқәгылаз Краснодараа. 12: 1 ҳәа аиааира ҳгеит. Ари атурнир аҟны хықәкы хадас иҳамоу аиааироуп. Избанзар араҟа иуоуа ахраҿа адунеитә шьапылампылтә чемпионат аҟны иаиааиз ирырҭо аҩызоуп. Убри азы ҳхәыҷқәа даара рҽырӷәӷәаны игылоуп", — лҳәеит Ҳашԥҳа.