"Зықь тонна рҟынӡа ачаи ҿаҳхыртә еиԥш алшара ҳамоуп. Еиҳарак иааҳрыхуа ачаи Аԥсны анҭыҵ ауп иахьаҳҭиуа. Ара ҳтәылаҿы иаҳҭиирцаз, иара ишаҳәҭоу еиԥш аҭра ҟаҵатәуп, ус макьана алшара ҳара иҳамам. Ачаи аарыхра ус имариам, анаҩс аларҵәаразгьы аԥара рацәа аҭахуп", — азгәеиҭеит Ҷкадуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.