Ҷкадуа: 2018 шықәсазы зықь тонна рҟынӡа ачаибӷьы ҿаҳхып ҳәа ҳгәыӷуеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор и переработка чая в Абхазии
Сбор и переработка чая в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачаи ааглыхырҭа "Кәтол" адиректор Роман Ҷкадуа Sputnik аинтервиу анаиҭоз далацәажәеит сынтәазы иззыԥшу аҽаҩра атәы.

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. 2018 шықәсазы зықь тонна рҟынӡа ачаибӷьы ҿаҳхып ҳәа ҳгәыӷуеит — иҳәеит ачаи ааглыхырҭа "Кәтол" адиректор Роман Ҷкадуа Sputnik аинтервиу анаиҭоз.

"Ҩы-мчыбжьа раԥхьа ачаи ахыхра ҳалагеит. Уажәазы шә-тоннак рҟынӡа еизаҳгахьеит. Ачаи афабрикахь инаагеит. Ачаихыхраҿ атехника ахархәара аҳҭоит. Техникала ицәгьамкәа ҳаиқәшәоуп ҳҳәар ауеит. Ҳара ҳҿы адагьы адунеи атәылақәа рҿы 50% ачаибӷьы атехникаа цхыраарала иҿырхуеит", — иҳәеит иара.

Роман Ҷкадуа Sputnik иаиҭаз арадионтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Роман Ҷкадуа иазгәеиҭеит раалыҵ Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы ишырҭиуа.

"Ареспублика аҩныҵҟа аалыҵ ҳҭииртә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамам. Ачаи ара иуҭирц азы аҭра аҭахуп, ишахәҭоу аиҿкаара аҭатәуп. Уи азы аԥаразоужьра аҭахны иҟоуп", — иҳәеит Роман Чкадуа.

Зыҭра иҭоу аԥсуа чаи зҭиуа ахатәхаҿқәагьы ыҟоуп, аха аалыҵ ахышәа-ҵышәа рацәаӡам иҳәоит иара.

"Ҳара ҳҟны ачаи аархәоит, нас аҭиратә ԥшра дара ишазырыԥхьаӡо еиԥш иарҭоит", — иҳәоит афабрика адиректор.

Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
Кәтолаа ачаи хырхуеит

Чкадуа иазгәеиҭеит амармалташь пты ачаи азы ишшәарҭам.

"Аибашьра ҟалаанӡа шә-нызқь тонна рҟынӡа ачаи еизыркуан Аԥсны. Уажәазы Кәтол иҳамоу ачаи плантациақәа 170 гектар ыҟоуп. Урҭ абна рхыҵәахьан, иаҳрыцқьеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аԥсны анҭыҵ ачаи аазхәаша анаплакы аиҳабыра ирыԥшаауеит.

"Ҳара афирма дуқәа ҳрылаӡартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамам, ҳамчхара маҷуп", — иҳәоит Ҷкадуа.

Ачаи партиа-партиала, 200-300 тонна инаӡо ауп ишырзыҭиуа.

"Ачаи аҳәаа ианахыргалак ашьҭахь егьырҭ асортқәа ирыларԥсоит", — иҳәоит иара.

Аԥсны ачаи акультура цәырҵит 1842 шықәсазы. Урҭ раԥхьа Аботаникатә баҳчаҿы еиҭарҳаит. Ианаднакыла, Аҷарантәи иааргеит, аплантациақәагьы хыртуа иалагеит. 1921 шықәсазы Аԥсны еиҭаҳан 400 гектар ачаи.

Аԥсны аибашьра ҟалаанӡа 15 257 гектар аус руа, аҽаҩра аарышьҭуа иҟан. Иахьазы 6 800 гектарк аанханы иҟоуп, аха ачаи ахыхра ахьалшо ҳәа иҟоу 2000 гектар заҵәык рҿоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0