Ҳшьапылампыласыҩцәа ConIFA ачемпионат аҟны даҽа иааирак ргеит

ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуеит Лондон, лаҵара 31 инаркны рашәара 9 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 6– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аҟны аԥснытәи амилаҭтә команда Тамил-Илама акоманда иахьацхәмаруаз 6:0 ҳәа аиаара агеит.

Аԥснытәи акоманда ачемпионат иалахәын адунеи ачемпионцәа раҳасабала. Хынтә иахьыхәмархьоу акоманда знык ииааиит, знык иаҵахеит, аҽа знык еиҭахарала ихәмарит.

Аԥснытәи акоманда Лондон инеиит ConIFA-2018 ачемпионат аҽалархәразы

Ахәмарра актәи атаим азы ампыл амба иҭаиршәит Руслан Ахвледиани, аҩбатәи ампыл ҭаиршәит ахьчаҩбжа Шабаҭ Логәуа, ахԥатәи ампыл –Руслан Ахвледиани, аԥшьбатәи ампыл –Руслан Шьониа, ахәбатәи ампыл –Асҭамыр Ҭарба. Ахәмарра хыркәшахеит 6:0 ҳәа. Аҵыхәтәантәи ампыл амба иҭаиршәит Руслан Шьониа.

Актәи агәыԥ иалоуп акомандақәа: Барава, Каскадиа, Елан Ванин, Тамил Еелам. Аҩбатәи агәыԥ —Аԥсны, Аҩадатәи Кипр,Тибет, Фельвидека (Словакиа инхо авенгрцәа). Ахԥатәи агәыԥ – Паданиа, Кирибати, Матабелеленд, Сикеитәи атәылаҿацә. Аԥшьбатәи агәыԥ иалоуп: Пенџьаб, Мраҭашәаратәи Ермантәыла, Кабилиа, Иапониа инхо акорееццәа.

Аԥснытәи акоманда адагьы Лондонтәи ачемпионат аквалификациа иахысит: Барава (Сомали), Республика Каскадиа (ЕАШ, Канада), Еллан Ванина (адгьылбжьаха Мен), Кабилиа (Аҩадатәи Африка), Карпаталиа (Украинатәи авенгрцәа), Матабелеленда (Зимбабве), Аҩадатәи Кипр, Паданиа (Италиа), Пенџьаб (Индиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Тамил и Лама (Шри-Ланка), Тибет, Тувалу (Полинезиа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла, Иапониатәи акорееццәа ркомандақәа.

ConIFA еиднакылоит 40 рҟынӡа команда.