Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik
Рашәара 6 рзы Аԥсны, Урыстәылеиԥш иазгәарҭоит аурыс шәҟәыҩҩы ду Александр Сергеи-иԥа Пушкин иира мшы. Апоет ирҿиамҭа абзиабаҩцәа апоет ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, традициак аҳасаб ала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Аботаникатә баҳчаҿы, аҵла дуқәа рымҵаҿы иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Шьыжьы инаркны Александр Сергеи-иԥа ибаҟахьы инеит Аԥснытәи аинтеллигенциа. Ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит амемориал аҿаԥхьа.
Ацеремониа ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.
Алексеи Двинианин ааԥхьара ҟаиҵеит пушкинтәи аԥхьарақәа ԥхьаҟагьы ирыцырҵаларц, ихаҭагьы даԥхьеит ажәеинраалақәа руак.
Аботаникатә баҳчаҿы асасцәа ирԥылеит Пушкин ианихааныз еиԥш еибыҭаз аҭыԥҳацәа ссирқәа.
"Иахьа Пушкин имшира азгәаҭо, ҳара иаҳҭахуп уи ажәлар дырхамшҭуа аҟаҵара. Изҭаху зегьы ирымоуп алшара апоет иажәеинраала иаԥхьарц", — рҳәеит ААУ афилолгиатә факультет астудентцәа Саидеи Дианеи Ҷыҭанааԥҳацәа.
Аҭәаҵла ду амҵаны ауснагӡатә ааиртит аԥсуа поет, "Евгени Онегин" аԥсуа бызшәахь еиҭазгаз Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
"Александр Сергеи-иԥа иҟазара анырра ду анаҭеит аԥсуа поезиа. Дыҟам Аԥсны поетк Пушкин иритм зырҿиамҭаҿ иуԥымло. Иахьа ҳара иааҳарԥшуеит аурыс поет иахь иҳамоу абзиабара дуӡӡа", — иҳәеит Мушьни Лашәриа.
Иара иҳәеит агәра шиго ԥхьаҟа пушкинтәи аԥхьарақәа еиҳагьы рҽышдырҭбаауазы.
Пушкин ииубилеи азы аԥсуа поетцәа, аҵарауаа, артистцәа, астудентцәа, аҵаҩцәа ажәеинраалақәа рыԥхьара рҽаздырхиеит. Еишьҭагыланы ирыԥхьон ажәеинраала ссирқәа. Мушьни Лашәриа даԥхьеит иажәеинраалоу ароман "Евгени Онегин" аҟнытә ацыԥҵәаха, аԥсышәала.
Рашәара 6 рзы Аԥсны, Урыстәылеиԥш иазгәарҭоит аурыс шәҟәыҩҩы ду Александр Сергеи-иԥа Пушкин имшира. Апоет ирҿиамҭа абзиабаҩцәа апоет ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, традициак аҳасаб ала ишышьақәгылахьоу еиԥш аботаникатә баҳчаҿы, аҵла дуқәа рымҵаҿы иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.