Аԥснытәи акоманда Атәылауаа қәыԥшцәа рдунеизегьтәи ахәмаррақәа рҟны иаиааит

IV Атәылауаа қәыԥшцәа рдунеизегьтәи ахәмаррақәа мҩыԥысуан лаҵара 13 инаркны 19-нӡа Ҭаҭарстан аҳҭнықалақь Казань.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. IV Атәылауаа қәыԥшцәа рдунеизегьтәи ахәмаррақәа рҟны аволеибол еицлабраҿы аиааира згаз Аԥснытәи еизгоу акоманда ахәмарҩцәа ирыдныҳәалон иахьа Россотрудничество аҟны.

Встреча со сборной Абхазии по волейболу

Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ №1 аиҳабы Татиана Емухвари еиҭалҳәеит заанаҵы ишьақәырӷәӷәаз аплан инақәыршәаны, имҩаԥган алхратә турнир анапылампыл асраз.

"Иреиӷьу ахәмарҩцәа алхын Аԥсны еизгоу акоманда 2003-2004 шықәсқәа рзы ииыз рыбжьара. Ҩыџьа ахәмарыҩцәа алаҳхит астолтә ԥкьатасразы. Казантәи аицлабрақәа рыламҭалаз имҩаԥаагеит аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа", — лҳәеит Емухвари.

Анапылампылтә еицлабраҿы иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа зыӡбахә ҳәаз Софиа Ҳагԥҳа иазгәалҭеит Казань ирацәаны аҩызцәа шдырҳаз, уажәы дара Аԥсныҟа ааԥхьара шрырҭо. Уи лажәақәа рыла аицлабрақәа рҟны зегь реиҳа иуадаҩыз хәмаррахеит афиналтә еиԥылара Азербаџьантәи акоманда ацхәмарра.

"Актәи апартиа ҳаиааит, анаҩс, ҩ-партиак ҳаҵахеит, аха ҳамчқәа еизаҳган иҳалшеит аиааира агара", — лҳәеит Ҳагԥҳа.

IV Всемирные игры юных соотечественников

Аволеибол команда азы ҟаҵаҩ Руслан Царгәыш ишазгәеиҭаз ала, Аԥснытәи аспортсменкацәа даара ибзианы рхы аадырԥшит.

"Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аӡӷабцәа, араҟа ишазгәарҭахьоу еиԥш афинал аҟны ахәмарра даара имариамызт, аха ҳаӡӷабцәа ирылшеит рымч аарԥшра, уи алагьы аиааира ргеит", — ациҵеит азыҟаҵаҩ.

Встреча со сборной Абхазии по волейболу

IV Атәылауаа қәыԥшцәа рдунеизегьтәи ахәмаррақәа мҩыԥысуан Россотрудничество имҩаԥнаго аусқәа рҳәаақәа иҭагӡаны. Уи рхы аладырхәит 50 ҳәынҭқарра рҟынтәи аспортсменцәа.

IV Всемирные игры юных соотечественников