Арадио

Арсалиаԥҳа афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" иазкны: сынтәа аҿыцрақәа маҷым

Аҟәа иаатуеит Фазиль Искандер иҟазара илитературатә рҿиамҭақәа ирызку афестиваль, сынтәа уи апрограмма шышьақәгылоу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Sputnik
Арсалиаԥҳа: "Ауаҩы игыларҭа" афестиваль иазкны

"Искандер иҟазара илитературатә рҿиамҭақәа ирызку афестиваль сынтәа иаатуеит Аурыс драматә театр аҟны "Широколобый" аԥхьарбарала. Сгәы иаанагоит афестиваль алагамҭа акультуартә хҭыс бзиан иҟалоит ҳәа. Анаҩсан, аҿар рыҩнаҿы имҩаԥысуеит "Грушевый компот" ҳәа захьӡу Искандер иҩымҭақәа рҟнытә асахьақәа рцәыргақәҵа. Иара убас, иҟалоит астол гьежь, Искандер иҩымҭақәа ирылхны алитературатә маршрутқәа Аԥсны амҩаԥгара атемала. Уажәы иӡыргахоит Искандер иҩымҭақәа ирылхны Гагратәи амаршрут. Афестиваль хыркәшахоит Аԥсуа драматә театр асцена маҷ аҿы, иӡыргахоит Искандер иажәабжь "Аҷкәыни аибашьреи" ала Мадина Аргәынԥҳа лкиносахьа маҷ", — лҳәеит Арсалиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.