Арадио

Гындиа: жәаҩа шықәсанӡа ахәыҷқәа амшынҭалараан аиқәырхагатә кьаҿ ршәызароуп

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аԥхын амшынҭалараан ахәыҷқәа ршәарҭадара азҵаара.
Sputnik
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Гындиа амшын аҟны ахәыҷқәа ршәарҭадара иазкны

"Аԥхын аԥсшьарамшқәа раан ахәыҷқәа иаҳа рхы иақәиҭуп. Аӡы ианҭало, жәаҩа шықәса рхыҵаанӡа аиқәырхагатә кьаҿ ршәызароуп. Аӡы аҵаулара, иара убас ахьшәашәара зеиԥшроу аҭаацәа игәарҭароуп. Ахәыҷқәа рзы аӡы аԥхарра ҩажәа градус  еиҵамзар еиӷьуп. Иаҳа ихьшәашәазар 10-15 минуҭ  аӡы  дҭазар ауеит ахәыҷы", — иҳәеит Гындиа.
Иара иазгәеиҭеит аиқәырхаҩцәа, шамахамзар,  алшара шрымам амшын аҟәара зегьы хылаԥшра аҭара. Аҭаацәа агәаҽанызаара ду аадырԥшлароуп ахәыҷқәа амшын ианҭоу.