"Ауаа зегьы еиԥшӡам. Аӡәы ак изеиҭоуҳәар иаразнак игәникылоит, егьи ҩынтә-хынтә дҵаауеит. Ҳәарада, иҟоуп аметодика аҵара злаҳдырҵоз, аха иҟоуп ауаҩы ифакторгьы. Абри афактор ҳақәшәароуп. Иаҳҳәап, Мықә аныхабаа аҟынтәи ҳанауаа, аекскурсиа амҩаԥгаҩ илшоит иԥсы ишьар. Аха ауаҩы дануҳәа, азҵаара ануиҭа, умикрофон аашьҭыхны аҭак ҟауҵароуп", — иҳәеит Кәачахьиа.