АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини атәылақәа рыҩба рышәҭыкакаҷразы аныҳәаҿақәа еицышьҭырхит ацҳаражәҳәаратә дкылараҿы ахәаша, рашәара 8 рзы.
"Аныҳәа шьананы ирзыҟоуп шәышықәсалатәи атәыла ду аҿиара, аҭоурых адаҟьа ҷыдақәа, имариам аха еиҭаҿиароу, еизҳазыӷьоу амҩа. Ҳара ибзианы иаадыруеит атәыла аиҭашьақәгылара, аҿиара зыбзоуроу милаҭрацәала еилоу ҳажәлар шракәу", — иҳәеит Алексеи Двинианин асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа.
Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла асуверинитети аинтересқәеи реиқәырхаар иара адгылаҩцәа, аҩызцәа рыда акыр ишыуадаҩхоз.
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, агәырӷьара ду сзацуп ҳныҳәа ахьеицазгәаҳҭо. Агәра шәсыргоит Урыстәыла ахаангьы ишазыхиоу Аԥсны аус ацура, анырра. Ҳара иаҳҭахуп ганрацәала аҿиара аиурц Аԥсны атәыла", — иҳәеит Двинианин, Аԥсны иагьазеиӷьеишьеит: "Шьардаамҭа".
Урыстәылаа зегьы дрыдныҳәало Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Урыстәыла Амш иҷыдоу, асимвол ҵакы змоу рыцхәны ишишьо.
"Аиҭаҿиара амҩа иану Урыстәыла имаҷымкәа аԥынгылақәа аман, аха иара иалшеит урҭ зегьы риааира. Иахьа, адунеитә геополитикаҿы Урыстәылатәи афедерациа иналукааша аҭыԥ ааннакылоит. Мраҭашәаратәи атәылақәа иадҟарҵало асанкциақәа, аекономикатә ҭахкаара ирыхьмырԥшыкәа иара шьаҿа-шьаҿала аекономикатә шәарҭадара еиҿнакаауеит" — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аԥсны иқәынхо ажәлар иахьатәи амш аҳаҭыр ду ақәырҵоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.
Урыстәыла Амш – Урыстәылатәи Афедерациаҿы ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, 1992 шықәса раахыс есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы.