Италиа аиҳабыра Ҟрым астатус иалацәажәоит

Италиа Аԥыза-министр ҿыц Џьузеппе Конте аҳәамҭа ҟаиҵахьан Италиа аиҳабыра ҿыц Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа раԥыхра аус шадырулауа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 8— Sputnik. Италиа азыхиоуп Ҟрым астатус алацәажәара ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маттео Сальвини. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа Il Giornale адыррақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа аиҭарыхәаԥшра иалацәажәан

Уи адагьы Италиа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маттео Сальвини иазгәеиҭеит Рим, Европатәи атәылақәа Урыстәыла иадҟарҵалаз асанкциақәа рыҿҳәара ацҵара авето ақәҵара гәҭакны ишамо. Евроеидгыла Ахеилак аилатәараҟны рашәара 23 рзы иалацәажәараны иҟоуп абри азҵаара.

Сальвини иҳәеит НАТО азы ашәарҭара ахьынтәаауа Урыстәыла аҟынтәи акәӡам африка аҟынтәи ауп ҳәа.

Евроеидгылеи Урыстәылеи рыбжьара аҭагылазаашьақәа ԥхасҭахеит 2014 шықәса рзы Украина иҟалаз аполитикатә кризис иахырҟьани Ҟрым Урыстәыла азыхынҳәра ашьҭахьи.

Абри аганахь ала Урыстәыла Ахада Владимир Путин "Ҟрым азҵаара аркуп" ҳәа ахиҳәааит.