АҞӘА, рашәара 6— Sputnik. Италиа Аиҳабыра рҽазыршәалоит Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥырго асанкциақәа раԥыхра — иҳәеит Италиа Аԥыза-министр ҿыц Џьузеппе Конте ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара Урыстәыла аганахь ала ҳаартуп, асанкциақәа рсистемагьы аиҭахәаԥшра аҭахны иаабоит", — иҳәеит Италиа Аԥыза-министр ҿыц Џьузеппе Конте, Апарламент хыхьтәи апалатаҿы иқәгылараан.
Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьа ԥхасҭахеит украинатәи акризиси Ҟрыми инарыдҳәаланы.