"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Қаџьаиа асанитартә ҭагылазаашьа иазкны
© Sputnik
"Сара схәыҷрала исгәалашәоит икажьыз ақьаад лыхқәа ракәын, уажәы — аԥаҭлыкақәа, аихаҷамаҷа, уи иаҳа аԥсабара иазеицәоуп. Ус еиԥш аамҭа цалар, аԥсабара аҟазаара ашәарҭара иҭагылоуп. Доусы иаагәа-сигәа ирыцқьалар, иҭыԥ дахылаԥшлар, аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхоит ҳәа сгәы иаанагоит", — ҳәа азгәеиҭеит Қаџьаиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.