"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Смыр асанитартә ҭагылазаашьа иазкны
© Sputnik
"Ҳара ҳоуп агәам-сам казыжьуа. Аԥсшьаҩцәа џьара ицозар, ргәам еизганы ирыман илбааргоит. Убас еиԥш изыҟалеи атурист ихы иишан имҩаԥиго, ҳара ҽакала ҳхы мҩааԥааго. Риҵа амилаҭтә парк аҟны еидаҳкыло агәам-сам зегьы, шықәсык ахы-аҵыхәыла хәнызқь м3 рҟынӡа инаӡоит, Гагра иҟоу агәам аус адуларатә зауад ахь инаҳгоит. Сгәы иаанагоит, аҭагылазаашьа аиӷьтәразы, аԥсуаа аԥсуара ишаҵанакуа ала урызнеир, иаҳа иамаԥхьашьына агәам-сам карыжьларым", — ҳәа азгәеиҭеит Смыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.