Аԥснытәи аҽыҩқәа Урыстәыла Ахада Ихраҿа аԥхьахәқәа ргеит

Урыстәыла Ахада Ихраҿаз XV аҽырыҩрақәа мҩаԥысит Москватәи аиппадром аҿы амҽыша, рашәара 10 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҽыҩ Конард Лорд ианашьахеит Урыстәыла Ахада Ихраҿа аԥхьахә хада ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҽытә спорт Афедерациа апрезидент Аслан Камлиа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра иадысныҳәалар сҭахуп аиааира ду. Ҩынтәуп Аԥсны атәылауаҩ Сергеи Толстопиатов иҽыҩ Конард Лорд аԥхьахә анашьахоижьҭеи", — иҳәеит иара.

Актәи аҭыԥ аиԥш, аҩбатәи аҭыԥгьы агеит Ахра Ашәба иҽыҩ Фаст Керл.

"Республикак аҟынтәи аҽқәа актәии аҩбатәии аҭыԥқәа еицырго уаанӡа иҟамлацызт", —иҳәеит Камлиа.

Аслан Камлиа иазгәеиҭеит аҽқәа шеиԥхныҩлоз 2400 метра рҟны.

Атәыла Ахада Ихраҿа XV аҽырыҩрақәа ирылахәыз адныҳәаларатә шәҟәы рзынаишьҭит Урыстәыла Ахада Владимир Путин.

Аҽырыҩрақәа раԥхьахәтә фонд иартәоит 10 миллион мааҭ.