Арадио

Кәачахьиа: аекскурсиа амҩаԥгаҩ ганрацәала идыррақәа ҵаулазароуп

Аекскурсиа амҩаԥгаҩ Лери Кәачахьиа Sputnik Аԥсны аефир аҟны изанааҭ иаҵоу амаӡақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik

"Аҭоурыхҭҵаара адагьы, аекскурсиа амҩаԥгаҩ идыррақәа ҵаулазароуп ганрацәала. Уи идыруазар ауп, агеографиа, афизика, ахимиа. Ари закә шәҭуи, ари аҵла иахьӡуи уҳәа  аԥсшьаҩы еиуеиԥшым азҵаарақәа рҭак иуҭароуп. Даара сеигәырӷьоит ас еиԥш азаанаҭ снапы ахьалаку, схаҭа издырыз рацәоуп. Ҳусура иаҳнарбоит аԥсшьаҩцәа аиҳарак изызҿлымҳау Аџьынџьтәылатәи аибашьра шакәу", — ҳәа азгәеиҭеит Қәачахьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.