"Ахәыҷқәа-ачымазаҩцәа рзы ацәыргақәҵа еиҿыскаарц сҭаххеит. Иахьынӡасылшо ала убыс схы иадысҵеит. Хымз-ԥшьымз сусурҭатә уада аҟнытә сдәыламҵӡакәа асахьа ҭысхуан. Ус баша ахыпҳьаӡара азы акәымкәа, аусумҭақәа зегьы схы-сыԥсы адҵа иаԥысҵеит. Сыгәҭакы анагӡаразы сҩызцәа зегьы сыцхрааит, уи даара сгәы ҟанаҵеит, ауаа макьана ргәы мыхьшәашәац", — азгәеиҭеит Миқаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.