"Аколлеџь аҿы уажәы аԥышәарақәа цоит, ҳаргьы ҳҽазаҳшәоит дара заа рымҩаԥгара, избанзар ҳаушьҭымҭацәа рыбжеиҳараҩык аусура иҭыҵуеит. Аколлеџь иалго хынҩажәаҩык рҟнытә ҩажәижәаҩык аусурҭатә ҭыԥқәа рыԥшаахьеит. Ҳара есышықәса 120 рҟныӡа ҳадаҳкылоит, аиҳарак ахәыҟаҵареи ахааҟаҵареи рзаанаҭ ала. Ҳҵараиурҭаҿы иҟоуп алшара асовет аамҭазы зҵара иалгаз, еиҭа акурсқәа рхысра", — азгәеиҭеит Мышәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.