Гагра иахьаҵанакуа абнара амца акит

Ажәытә Гагра ҳәа иахьашьҭоу ааигәара иҟоу абнара амца акит ашәахьа ашьыбжьышьҭахь. Амцакра амзызқәа макьана ишьақәыргылам.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажәытә Гагра ҳәа иахьашьҭоу ааигәара иҟоу, ашьхара иаԥну абнара амца акит ашәахьа ашьыбжьышьҭахь. Амцакра амзызқәа макьаназ ишьақәыргылам ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзураҟынтәи.

"Амца ауаа ирԥырхаганы иҟам. Аиланхарҭақәа акыр ирцәыхароуп, аха иара арцәара ауадаҩра аҵоуп аҭыԥтә ҭагылазаашьа иахҟьаны", — ҳәа иҳәоит Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Амиран Ԥачлиа.

Иара иажәақәа рыла, амцарцәараз уахь инагоуп Гагра араион АҶА аҟәша зегьы.

"80-ҩык рҟынӡа ҳусзуҩцәеи амашьынақәа ԥшьбеи амцарцәараз уахь инагоуп. Аҭыԥ ашьақәгылашьа акыр иуадаҩуп, икаҵәароуп. Уахь ааигәа анеиразы амцарцәаҩцәа рхы иадырхәоит ашахақәа", — иҳәеит иара.

Амца акуп ԥшь-километра ԥшьыркцак.

Амиран Ԥачлиа макьаназ илшом амца андырцәаша аҿҳәаразы азҵаара аҭак аҟаҵара.