Арадио

Геннади Ҵәыџьба Гагра араионаҿ иазгәаҭахо аныҳәатә усхкқәа ирызкны

Гагра араионаҿ Аԥсны Аиааира амш ныҳәа 25 шықәса ахыҵреи Ахьыԥшымра азхаҵара амш 10 шықәса ахыҵреи шазгәаҭахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭаиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.
Sputnik

"Нанҳәеи цәыббрамзеи  рзы иазгәаҭоуп аусмҩаԥгатәқәа жәпакы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ашколқәа рҿы аветеранцәа рԥылара, иҭахаз аибашьцәа рҳаҭгәынқәа рҭаара, иара убас еиуеиԥшым аспорттә еиндаҭларақәа, иреиӷьны ажәеинраалақәа ирыԥхьо ҳәа аицлабра. "Аибашьра ахаҿсахьақәа" ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵа. Аиааира 25 шықәса ахыҵра азы еиҿкаахоит аконцерт ду", — ҳәа еиҭеиҳәеит Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.