Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин Урыстәыла амш идиныҳәалеит

Урыстәыла Амш – Урыстәылатәи Афедерациаҿы ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik. Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла Амш, абри атәы аанацҳауеит Атәыла ахада ипресс маҵзура.

"Ҳаҭыр зқәу, Владимир Владимир-иҧа, ишәыдысныҳәалоит гәык-ԥсыкала шәмилаҭтә ныҳәа — Урыстәыла Амш. Ари амш ԥхьаӡоуп Урыстәыла аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц анхацыркха мшны. Шәыжәлар анысит иуадаҩыз амҩа. Шәара шәымчала Урыстәыла ду ажәлар рҳәынҭқарра иазгәдуны, уаҵәтәи амш иақәгәыҕуа иҟоуп", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ иазгәарҭеит - Урыстәыла Амш

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьа бзиақәеи, русеицуреи аҳәаақәа рыҽшдырҭбаауа.

"Агәра ганы сыҟоуп, аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иҟаҵаны, ҳажәларқәа ринтересқәа азгәаҭаны, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи инарҭбааны русеицуреи ганрацәалатәи реинырреи инарҵауаланы ишымҩаҧысло", — азгәеиҭеит Атәыла ахада.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Урыстәыла жәлар ирзеиӷьаишьеит аҭынчра, аизҳара, аинҭәылара.

Аԥсны иқәынхо ажәлар иахьатәи амш аҳаҭыр ду ақәырҵоит ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.

Урыстәыла Амш – Урыстәылатәи Афедерациаҿы ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, 1992 шықәса раахыс есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы.