Арадио

Лаша Коӷониа ConIFA-2018 иазкны: ишысҭахыз схы сзаамырԥшит

Избан Аԥснытәи еизгоу акоманда Лондон имҩаԥысуаз ConIFA-2018 аҿы рхы аарԥшра зрылымшаз, абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәаанагара иҳәеит ашьапылампыл асҩы Лаша Коӷониа.
Sputnik

"Аиаааира, аиааира, акәын еснагь ҳхы иҭаз, убри акәзаргьы ҟалап иаҳԥырхагахазгьы, ҳгәы рҭынч, ҳара ишаҳҭахыз ҳзыхәмаруамызт. Анаҩс аҵыхәтәантәи аиԥыларақәа рҿы иаҳа алҵшәақәа ааҳарԥшит. Исылшоз зегьы ахәмаррақәа рҿы иаасырԥшит, аха зны ампыл амба иҭамшәеит, зны иаҳзеимымдеит, сара ишысҭахыз еиԥш схы сзаамырԥшит", — иҳәеит Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.