Ҳагԥҳа аҵарауаҩ Бганба изкны : илаԥш, иажәа, ихшыҩ ҳагыуп
© Sputnik
"Ҳҩыза Слава аҭҵаарадырреи ауаажәларратә уси еилеигӡон. Иара инакәызаалак Аԥсны аҩныҵҟа, уи акәша-мыкәша имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы уамашәа игәы иасуан. 1977 шықәсазы аҭыԥ рыман аполитикатә еибарххарақәа, Славик уи аамҭа инаркны амцашыра далагылан", — лҳәеит Ҳагԥҳа.
Аҵарауаҩ иазгәалҭеит Виачеслав Бганба иҟамзаара иҩызцәа иахьагьы ӷәӷәала ишырныруа.
"Слава Бганба иҭыԥ ҳабжьара иахьа уажәраанӡа иҭацәны инханы иҟоуп. Хара иҳагыуп иара илаԥш, иажәа, ихшыҩ", — ҳәа азгәалҭеит Лили Ҳагԥҳа.