Иԥсҭазаара далҵит Гагратәи амҩаргылаҩ хада Лев Ҳагәышь

80 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит, ауаажәларратә усзуҩ, 54 шықәса инеиԥынкыланы, Гагратәи амҩа ремонттә-ргыларатә усбарҭаҟны аус зуз, Аԥсны раԥхьатәи ауаажәларра-политикатә Хеидкыла "Аидгылара" Бзыԥҭатәи аиҿкаара напхгара азҭоз Лев Соломон-иԥа Ҳагәышь.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Калдахәара ақыҭан ииз иааӡаз, Оҭҳаратәи абжьаратә школ аҟны аҵаратә процесс хирқәшаанӡа, аррамаҵурахьы ааԥхьара змоу рхыԥхьаӡара маҷуп ҳәа, 16 шықәса зхыҵуаз Лев Ҳагәышь, Асовет Ар иадырԥхьалаз дыруаӡәкхеит.

Лев Хагуш

Зықәра мшәыцыз арԥыс илшеит, Узбекистан, Фергана ақалақь аҟны, авиациатә полк аԥырратә гәыԥ аҟны ишахәҭоу еиԥш азеиԥш ԥсадгьыл аҿаԥхьа ауалԥшьа анагӡара. Аррамаҵура ашьҭахь, 1958 шықәсазы Лев Ҳагәышь дҭалоит Ростовтәи амҩа-ргыларатә институт.

1964 шықәсазы, аҵара ҵаны дхынҳәуеит Аԥсныҟа. Аусура далагоит Гагратәи амҩа-ремонттә-ргыларатә усбарҭаҟны. Ауасҭа имаҵура инаркны, днаӡоит аиҳабыранӡа.

Лев Хагуш

Лев Соломон-иԥа инапхгарала, шьаҭанкыла иргылан Мамзышьха аҳаракырахь ицо амҩа. Аспециалист ҿыц изы, ари раԥхьатәи апроект ду акәхеит.

"Мамзышьхаҟа ухазгалоз амҩахәасҭақәа ракәызтгьы, иара иҿаԥхьа дҵас иқәгылан, абахәрақәа ԥжәаны, амҩа алганы, ашьхаранӡа агара. Убас, Лев Соломон-иԥа инапхгарала Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭа ашҭеи, Гәдоуҭа араион ақыҭамҩақәа жәпаки ргылан. Иара иус ԥсыцқьарылеи, ҭакԥхықәралеи дазнеиуан", — иҳәоит Лев Ҳагәышь ашкол ицҭаз, анаҩс, аамҭакы аус ицызуаз, ҩыза бзиас имаз Иури Сабуа.

Ауаажәларратә-политикатә Хеидкыла "Аидгылара" Бзыԥҭатәи аиҿкаара напхгара анаиҭоз, маӡалатәи аиԥыларақәа мҩаԥганы, ақырҭцәа аҿагылара рызҭашаз, аԥсуаа рмилаҭра еиқәзырхашаз аусқәа инапы рылакын.

Лев Хагуш

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, аԥсуа ар ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба идҵала, Лев Соломон-иԥа Ҳагәышь аибашьратә мҩақәа ррыцқьаразы аусурақәа мҩаԥигон.

"Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы ианақәиҭха, Лев Ҳагәышь ибзоурала еиқәырхан амҩа ремонттә-ргыларатә усбарҭа иатәыз атехника ҷыда, уи акырӡа ицхыраагӡатәхеит аибашьра ашьҭахьтәи амҩақәа рышьақәыргыларазы", — ҳәа азгәеиҭоит аҩыза Иури Сабуа.

Лев Ҳагәышь илшамҭа ӷәӷәоуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа ргәалашәара ахьӡала ишьақәыргылоу Гагратәи Ахьӡ-аԥша аҵакырадгьыл аиҿкаараҟны.

Лев Хагуш

Хамеигӡарала, уахи-ҽни зыжәлар рыбзазара аиӷьтәра иазааԥсоз Лев Ҳагәышь, изныкымкәа аҳәынҭқарраҟнытә аџьшьара иоухьан.

Лев Соломон-иԥа Ҳагәышь ԥшьҩык ахшара драбын, 11-ҩык амоҭацәа драбдуун, иахьа ирызҳауеит ҩыџьа ишьмоҭацәа.

Лев Хагуш