"Аҩбатәи акласс инаркны саԥхьаҟа ссахьаҭыхыҩхандаз ҳәа сазхәыцуан, асахьаҭыхыҩцәа анызбоз рнапқәа срыхәаԥшуан, рнапы иҵнахуаз еснагь аинтерес сыман. Гәыкала исҭахыҵәҟьаны сааҟәымҵӡакәа аус зуан, санхәыҷыз инаркны исыцуп асахьаҭыхра. Зынӡагьы схы иҭамшәыц, иаракәым сыԥсҭазаараҿы занааҭс иалызхыз ҳәа, зегьы ишысҭахызҵәҟьаз иҟалеит", — ҳәа азгәалҭеит Хәырхәмал арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы.