Кобешавиӡе: Аԥсны адонорцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит

Адонор адунезегьтәи имш аҽны Аҟәатәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьа адкыларҭа аҟәша аиҳабы Светлана Кобешавиӡе Sputnik аинтервиу аҭо еиҭалҳәеит иахьазы Аԥсны аҩныҵҟа адонарра аҭагылазаашьа шыҟоу.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адонорцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахо иалагеит лҳәеит Spuntik аинтервиу азҭаз Аҟәатәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьа адкыларҭа аҟәша аиҳабы Светлана Кобешавиӡе.

Занҭариа ашьа аҭара иазкны: агәыразра ду аарԥшроуп

"Ҳкортатекаҿ иҭагалоуп 190-ҩык адонарцәа. Урҭ профессионалтә донарцәоуп. Аха иҟоуп ус, хәыда-ԥсада ашьа рызҭо адонорцәа. Урҭ реиҳараҩык астудентцәеи, аррамаҵзурауааи, аҳақьымцәеи роуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы дара рхыԥхьаӡара акыр имаҷхеит", — ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Лара лажәақәа рыла уи зыхҟьо ареспубликаҿ дара асоциалтә дгылара ахьрымам ауп.

"Иҟам "Адонарразы" азакәан. Иара Апарламент аҟны аус шадырулогьы аус акыр ишьшьылаҳауп", — лҳәеит лара.

Светлана Кобешавиӡе иазылыԥхьаӡоит адонарцәа асоциалтә дгылара роур, рхыԥхьаӡарагьы ишазҳауа.

Светлана Кобешавиӡе ишылҳәо ала 2016 шықәса рзы 578 литра ашьа рыҭан, 2017 шықәса рзы – 481 литра.

Есышықәса, рашәара 14 рзы адунеи аҟны иазгәарҭоит адонар Адунеизегьтәи имш (World Blood Donor Day).