Аслан Нанба иџьашьахәу ирҿиамҭақәа

Sputnik

Аслан Нанба шьҭрала Бармышьтәуп. Аҟәаҟа дааит 20 шықәса раԥхьа, аибашьра ашьҭахь. Ҭаацәала дахьынхо аҩн дуа актәи аихагылаҟны ихатә ҟазарҭа ааиртит. Иара ишиҳәо ала Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы уаанӡа арҿиаразы унеиуазар, уажәы маҷк ихәаахәҭырҭаҭыԥхеит.

Аслан Нанба ирҿиаратә мҩа иазкәу аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра

"Уаанӡа саргьы уа сырҿиамҭақәа срызхәыцуан, уажәы аамҭақәа цәгьоуп. Ҩыџьа ахәыҷқәа сымоуп, руаӡәк дыстудентуп. Аҭаацәара ныҟәгалатәуп", — иҳәеит Аслан.

Нанба иазгәеиҭоит уаанӡеиԥш инапкымҭақәа рыҭира шымариам, избанзар арахь хыԥхьаӡара рацәала иааргоит китаинтәи зхаҭабзиара лаҟәу, аха зыхәԥсагьы рацәак иҳаракым анапкымҭақәа. Иара иазгәеиҭеит ирҿиамҭақәа Аԥсны асувениртә ҭирҭақәа жәпакы рҿы ишыҟоу. Урҭ даарак ирацәам избанзар ихы иаирхәо атехнологиа ирласны аҟаҵара алнаршом. 

1 / 13
Аслан Нанба иҟазарҭа дахьынхо аҩны актәи аихагылаҿы еиҿикааит
2 / 13
Асувенирқәа хкы-хкыла ирзырхиоуп доусы ирықәшшәо, ҩ-хәҭак змоу аформа
3 / 13
Аслан анышәаԥшь Оҭҳарантәи иааигоит
4 / 13
Аршьышьы аформақәа ирҭауҭәаанӡа – ираӡатәуп
5 / 13
Анышәаԥшь-ршьышьы акылҵәара ҷыдала аформақәа ирҭарҭәоит
6 / 13
Аршьышьы аформа иҭымыкәкәарц разинала ирххатәуп
7 / 13
Сааҭқәак рышьҭахь алых аформа иҭугар алшоит
8 / 13
Аалых иамыршәшәатәу ҳәызбала иахуцәаауеит
9 / 13
Аслан Нанба мыруганы имоу инапқәа роуп
10 / 13
Асувенирқәа зқьы рҟынӡа аҳауашоура ахьыҟоу апечқь иҭарҵоит арԥшшаразы
11 / 13
Аалых анӡлак ацәымза амцала сахьала ихиркуеит аҟаза
12 / 13
Ацәымза амца аԥшшәахәы еиҳа иалкаан иҟанаҵоит ҳәа ишьоит Нанба
13 / 13
Аслан Нанба иаԥиҵоит: аграфинқәа, аирыӡқәа, авазақәа, асабардақәа, аҵәцақәа, аҭҭыныжәгақәа, ацәашьҭаргыларҭақәа, астатуеткақәа атәыла аҭыԥ ԥшӡаррақәа зныԥшуа аемблемақәа рынҵаны.