"Хра злоу ахҭысқәа": Ачба лзанааҭ иазкны
© Sputnik
"Сыԥшәма даҽа занааҭк имазар, сизеилымкаар ҟаларын, избанзар иахьеи уахеи ахәшәтәырҭаҿы сыҟазар сҭахуп. Жәаа шықәса ахшараиурҭа аҟәша еиҳабыс сыҟан. Аибашьраан уахи-ҽни ахәшәтәырҭаҿы аус анаҳуаз ыҟан, уи ашьҭахь мчыбжьык ахь х –уахак аҩны сыҟаӡамызт. Сыҷкәынцәа аӡәы диуриступ, егьи дҩыҟаҵаҩуп. Даара ирҭахын иҳақьымхарц, аха ҳара уи ҳадҳамкылеит, избанзар сыҷкәынцәа рыцҳасшьеит. Уи даара ицәгьоуп аӡәы игәаҟреи, ичымазареи иахьеи — уахеи азхәыцра. Аха иагьа гәаҟра, ааԥсара амазаргьы бзиа избоит сусура, ахәыҷы данилак, иухҭысыз зегь ухашҭуеит, уи зегь хнаҩоит. Снапы здыскылаз ахәыҷқәа, иахьа дара рыхшара ахәыҷқәа роуеит. Урҭгьы са сахь инеилоит", — лҳәеит Ачба.