Кәарҷиа: ҳаушьҭымҭацәа аԥышәарақәа раан аусура зауз ыҟоуп
© Sputnik
"Ҳаушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара иагхеит аҵыхәтәантәи хышықәса, избанзар астудентцәа ҳадаҳкыломызт алицензиа аанкылан иҟан, сынтәа иоуҳажьыз рхыԥхьаӡара 33-ҩык роуп зынӡа. Ахаҭабзиара атәы ҳҳәозар ҳацәгьаӡам. Аԥышәарақәа рнапхгаҩцәа аҳасабарбақәа ҟарҵеит. Аҳазалхратә ус азанааҭ ала аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭа идикылон аԥышәарақәа. Игәаԥхаз аушьҭымҭацәа рҟынтәи аӡәык-ҩыџьак аусура игеит. Ус егьырҭ азаанҭқәа рҟынгьы. Агроекономика азанааҭ ала сынтәатәи ҳаушьҭымҭацәа ааҩык рҟынтәи ԥшьҩык ақыҭанхамҩа аминистр аусура игеит. Аминистррақәа рнапхгаҩцәа аԥышәарақәа ианрылахәу лабҿаба ирбоит аушьҭымҭацәа зеиԥшроу", — иҳәеит Кәарҷиа.