"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ахба ашьапылампыл Ачемпионат иазкны
© Sputnik
"Ахәмарраҿы сахьтәаз аӡәырҩы Португалиатәи акоманда ашьапылампыласыҩцәа рыҩаӡара ҳаракуп ҳәа иазгәарҭон, аха сара сгәаанагарала Испаниа иаҳа еиӷьны ихәмаруан. Ашьапылампыласыҩцәа аимадара рыбжьан, ибзиангьы иазыҟаҵан, уи иззеилымкаауазгьы игәаиҭыр алшон. Уа астадион аҿы, ашьапылампыл абзиабаҩцәа рыбжьара утәаны ахәмарра уанахәаԥшуа, уи зынза даҽакуп. Иара ашьапылампыл бзиа иумбозаргьы, уалашыҩкны уацклаԥшлоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ахба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.