Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аиқәырхаҩцәа иӡааҟәрылаз рыԥшаара иашьҭоуп

Аҿарацәа шыӡыз азы аинформациа Аҟәа, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррахь инаҩит ахашаҽны, 15 сааҭи 45 минуҭи рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашә 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥан иӡааҟәрылаз астудентцәа ҩыџьа рыԥшаара иаҿуп ҳәа адырра ҟаиҵеит АҶА апрес-маӡаныҟәгаҩ Мизан Ламиа. 

"Ҩыџьа аҷкәынцәа амшын иӡааҟәрылеит Кьалашәыр аӡиас иахьалало аҭыԥан. Астудентцәа рыԥшаара иаҿуп аӡхәыҵалаҩцәа, иара убас аҳауаҟынтәи — аҵәиԥрыгақәа рыла. Макьана алҵшәа ҳәа акгьы ыҟагәышьам", — иҳәеит Ламиа.

Иҟалаз збаз ашаҳаҭцәа ражәақәа ааго, иара иазгәаиҭеит аҭыԥантәи ауааԥсыра аҭыԥҳа леиқәырхара ишахьӡаз.

Аиқәырхаҩцәа арыцҳара ахьыҟалаз иаразнакала иеихеит, аҭел ала адырра шроуз еиԥшҵәҟьа, 15 сааҭи 45 минуҭи рзы.