Аԥсны Ахада Аиааира аныҳәа аҽазыҟаҵарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

Рашәарамза 20 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шш. рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира Амш 25 шықәса ахыҵреи Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 10 шықәса ахыҵреи разгәаҭара аҽазыҟаҵара иазку Акомиссиа аилацәажәара мҩаҧигеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik. Рашәарамза 20 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шш. рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира Амш 25 шықәса ахыҵреи Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 10 шықәса ахыҵреи разгәаҭара аҽазыҟаҵара иазку Акомиссиа аилацәажәара мҩаҧигеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Чачхалиаԥҳа: Аиааира амш араион ақыҭақәа рҟынгьы инарҭбаан иазгәаҭахоит

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ҧасатәи Акомиссиа аусуратә гәыҧқәа реилатәараҟны ишахәаҧшыз Аиааира Амш 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку асценари аплан. Аилацәажәараан Ахада асценари азырхиаразы аҭакҧхықәра зду Акомиссиа алахәцәа рнапы ианиҵеит хара имгакәа уи анагӡаразы иаҭаху ахарџь азы аинформациа идыргаларц.

"Асценари рхиоуп, аха азҵаарақәа ыҟоуп. Шаҟаҩы алархәтәу, харџьқәас иҟало, — арҭ зегьы хара имгакәа иаҳдыруазароуп ", — иаҵшьны иҳәеит Ахада.

Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рахь иааҧхьахо асасцәа рсиақәа Ахада иҟны инагахароуп ҩы-мыш рыҩныҵҟала.

Иактуалтәны инхоит аҳәынҭқарра ақалақьқәеи араионқәеи реиҿкааразы Ахада аҧыза-министр инапы ианиҵаз адҵа. Абри иаганахьала иҟаҵатәу рацәоуп макьана.

Атәылахьчара аминистр Мераб Қьышьмариа Ахада адырра ииҭеит арратә парад азыҟаҵара иазҧхьагәаҭоу аамҭа иақәыршәаны ишымҩаҧысуа.