"Урыстәылатәи акоманда ааба рактәи афинал ахь инеит ҩынтә иаиааины. Мысратәи ашьапылымпыл асыҩцәа ианрыцхәмаруаз иаадырԥшыз ашьапылымпыл аҩыза дара рҟынтәи ахаан исымбацызт. Дара ашьапылымпыл бзиа аадырԥшит, ишыҩыц иҩуан ахәмарра аналага инаркны аҵыхәтәанӡа. Разыҟаҵаҩ иреиҳәаз зегьы нарыгӡеит ҳәа агәаанагара сымоуп. Раԥхьа иргыланы, ибзианы рҽазыҟарҵеит, уи анаҩс ахәаԥшцәа астадион аҟны ирацәан, гәык-ԥсыкала адгылара рырҭон рыбжьы ҭыганы. Насгьы акоманда зегьы аидгылара аадырԥшит, еишьцәак реиԥш иҟан, аиааира ду еицынаргыӡеит. Ашьапылымпыл аҟны акоманда зегьы мыхәмарыр, акгьы узыҟаҵом", — иҳәеит Коӷониа.