Арадио

Кәарҷелиаԥҳа: ашколтә шәҵатәы ахәыҷқәа еиҿнакаауеит

Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ адиректор Аида Кәарҷелиаԥҳа Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит ашколтә шәҵатәы ахәыҷқәа еиҿнакаауеит ҳәа.
Sputnik

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аусԥҟа инақәыршәаны цәыббра акы инаркны азеиԥш ашәҵатәы алагалахоит абжьаратә школқәа рҵаҩцәа рзы.

"Ашколтә  шәҵатәы зегь раԥхьа иахьаларгалаз ҳара ҳҟны ауп. Исызҳәом зегь маншәаланы аҭаацәагьы еицҿакны ирыдыркылеит ҳәа. Аха аиҳараӡак иргәаԥханы ирыдыркылеит. Ари алеишәа аганахьала ахәыҷқәа еиҿнакаауеит, еиднакылоит. Ахәыҷқәагьы аҭаацәагьы хәыҷы-ҳәыҷла ашколтә шәҵатәы рыдыркылеит, уи аганахьала уадаҩра  ҟамлаӡеит.

Сынтәа ажәеизатәи аклассқәа срылаланы еилыскаауан ашкол аҟны иаларгаларц ирҭаху ҳәа.  Убраҟа ахәыҷқәа ашколтә форма иазааҭгылеит угәы иаахәаратәы, уи ахьалагалоу ргәаԥхон.

Ашықәс анҵәамҭазы аклассқәа зегьы аизара ҟарҵеит, ашколтә шәҵатәы имԥсахкәа ишыҟац иаанхарц", — лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.