РУСДРАМ аҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит ахәыҷтәы миузикл арбара

Ахәыҷтәы музыкатә студиа "Некст" хы-мыз инарзынаԥшуа аус аднаулон раԥхьатәи ахәыҷтәы миузикл.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Ахәыҷтәы музыкатә студиа "Некст" иқәнаргылаз раԥхьатәи ахәыҷтәы миузикл "Волшебный глобус" апремиера мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы рашәара 19 рзы.

Амиузикл арежиссиор Иури Мархолиа иажәақәа рыла, апремиера қәҿиарала имҩаԥысит.

"Арепетициақәа раани ақәгыларақәа раани ахәыҷқәа еиуеиԥшымкәа рхы аадырԥшуеит. Дара уажәазы ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Ус шакәугьы аҟазара аҩаӡара ҳәаа амаӡам. Еснагь уҭахрақәа еизурҳалароуп" — иҳәеит арежиссиор.

Ахәыҷтәы музыкатә студиа "Некст" адиректор Фаиа Мархолиаԥҳагьы иазгәалҭеит имҩаԥгаз аус лгәы шазҭоу.

"Ахәшьара уадаҩзаргьы иазгәасҭар сҭахуп раԥхьатәи аус азы зегь маншәалан ишымҩаԥысыз. Ҳәарада, еснагь еиӷьны-еиӷьны иуҭахуп, аха ахәаԥшыҩцәа ишыргәаԥхаз агәра згоит", — лҳәеит лара.

Амиузикл "Волшебный глобус" РУСДРАМ асценаҿы иддырбоит

Асиужет инақәыршәаны аџьашьахәқәа рыгәрагара змоу аӡӷаби уи лашьеи лаҳәшьеи ранду лҟынтәи ироуит аглобус џьашьахә. Уи анаақәдырҵәиаа дара зегьы алакә тәылахь инанагеит.

Амиузикл иаанарԥшуа ахәыҷқәа аџьашьахәырақәа рыгәрагара еснагь ирыцны иҟазаар шакәу ауп. Амиузикл астудиа "Некст" ааӡамҭацәа рзы раԥхьатәи актиортә ԥышәоуп.

Амиузикл иахәаԥшырц инеиз ахәыҷқәагьы адуцәагьы агәахәара ду роуит.

"Апремиера қәҿиарала имҩаԥысит. Спектакльк аҿы алакә фырхацәа зегьы еизган. Асовет мультфильмқәеи диснеитәи амультфильмқәеи рфырхацәа ара еиқәшәеит. Адуцәа уи рхәыҷра ргәаланаршәеит, ахәыҷқәа еиҳагьы иԥшқараху ацәаныррақәа рзыннажьит", — лҳәеит ахәаԥшыҩцәа руаӡәык.

Амиузикл иалахәын: апроект "Ты супер!" иаиааиз ашәаҳәаҩ Валериа Адлеиаԥҳа, апроект "Голос" алахәыла Софиа Миаукина. Ароль хадақәа нарыгӡон: Валериа Кетиаԥҳа, Ольга Чкадуаԥҳа, Алексеи Қәачахьиа.

Первый детский мюзикл "Волшебный глобус" музыкальной студии "Некст"

Ахәыҷтәы миузикл "Волшебный глобус" информациатә партниорны иазыҟалоит амаҵзура –Sputnik.