Аҟәатәи асааҭ хада аусура иалагоит

Аргылаҩцәа ашьыжь асааҭ хԥа рҟынӡа Аҟәатәи аcааҭқәа зкуа аихабаҩи ашпильи рықәыргылара иаҿын аҳҭнықалақь Ахадара ахыбраҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Рашәара 21 рзы аргылаҩцәа ашьыжь асааҭ хԥа рҟынӡа Аҟәатәи аcааҭқәа зкуа аихабаҩи ашпильи рықәыргылара иаҿын аҳҭнықалақь Ахадара ахыбраҿы. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аусбарҭа "Горстрой" аиҳабы Ҭимур Агрба.

Иара иажәақәа рыла аусурақәа цон ашьыжь асааҭ хԥа рҟынӡа.

"Ашьҭыхгатә кран асааҭ ҩба рзы арантәи иқәҵит, аха аусуҩцәа уи ашьҭахьгьы аиха иалху абаҩ еиддырҭәалон", — иҳәеит иара.

Кәарацхьелиаԥҳа Аҟәатәи асааҭқәа ирызкны: иӷәӷәаҟацаӡа иҟалоит

Анардадаҩ иажәақәа рыла арԥшӡаратә усурақәа мҩаԥгахараны иҟоуп. Урҭ рышьҭахь иара асааҭ ахаҭа ықәдыргылоит. Нанҳәамза алагамҭазы абжьааԥнеиԥш ақалақьуаа рсааҭқәа иара инақәыршәаны ирыхәаԥшлоит.

2017 шықәса нанҳәамзазы иҟаз аԥшасра ӷәӷәа ашьҭахь еицырдыруа Аҟәатәи асааҭ аангылеит. Аҟазауаа рабжьагарақәа рышьҭахь ақалақь ахадараҿы иӡбан асааҭ ҿыц ықәыргылазарц.

2017 шықәса анҵәамҭазы асааҭ аҭыԥ иахыган. Уажәы иара ахәҭақәа иҷыдоу аҭыԥ аҿы иҵәахуп. "Горстрои" аиҳабы ишиҳәаз ала урҭ зегьы еиқәышәшәа иҟоуп.

1950 шықәса рзы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа СССР ақалақьқәа рыбжьара еиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа иалкааны ҳамҭак аҳасаб ала абри асааҭ анаршьеит.

Аҳҭнықалақь Ахадара зыҩноу ҭоурыхтә хыброуп. 1914 шықәса рзы аҭаҭынаарыхыҩ Стефаниди иргылеит.