Маккартни иальбом ҿыц цәыббрамзазы иҭыҵраны иҟоуп

Амузыкант исаит ажәадгала ҟанаҵоит 13,99 доллар иаԥсоу альбом заанаҵтәи аҿаҵаразы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 — Sputnik. Британиатәи амузыкант, алегендартә гәыԥ The Beatles уаанӡатәи алахәыла Пол Маккартни цәыббра 7 рзы иҭижьраны дыҟоуп Egypt Station захьӡу альбом ҿыц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ашәаҳәаҩ, амузыкант иофициалтә саит адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Амузыкант ижәибжьтәи альбом ҭаҩуп америкатәи астудиа Capitol Records аҟны. Адиск ацәа Маккартни иҭыхымҭа иарԥшӡоит. 14 ашәа еидызкыло альбом иануп уаанӡа иӡыргаз акомпозициақәа I Don't Know, Come On To Me.

Амузыкант иажәақәа рыла альбом ахьӡ Egypt Station, альбом аконцепциа иақәшәоит.