Арадио

Надараиа: анхаразы азиншәҟәқәа зҭаху рҟынтә Гал араион аҟны абжаҩык ирыҭоуп

Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа Sputnik аефир аҟны иҳәеит арзаҳал алазҵаз араион ауааԥсыра рҟынтәи абжаҩык рҟынӡа анхаразы азиншәҟәқәа роухьеит ҳәа.
Sputnik
Надараиа: анхаразы азиншәҟәқәа зҭаху рҟынтә Гал араион аҟны абжаҩык ирыҭоуп

"Гал араион аҿы Аԥсны зегь аҟны еиԥш атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра иаҿуп. Атәылаҟны анхаразы азиншәҟәы ауп аиҳараҩык араион аҟны ирырҭо, избанзар 96 процент рҟынӡа  Қырҭтәыла иауаҩытәыҩсоуп. Аа-нызқьҩык рҟынӡа аҳәара ҟарҵеит анхаразы азиншәҟәы роурц, изоухьоу рхыԥхьаӡара  ԥшь-ныӡқьҩык инарзынаԥшуеит. Аусурақәа еиҿкаарала  ицоит, егьырҭгьы хара имгакәа ироуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.