Урыстәыла абжьаҟазаҩцәа рымш азгәарҭеит Аԥсны

1994-2008 шықәса рзы Аԥсны аҭынчреиҿкаара мҩаԥыргон Ихьыԥшым атәылақәа реимабзиара аколлективтә мчрақәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥшьаша, рашәара 21 рзы Урыстәыла абжьаҟазаҩцәа рымш азгәарҭеит Аԥсны. Абри амш иазкны имҩаԥган амитинг.

День российского миротворца, возложение цветов к памятнику

Урыстәылатәи аҭынчреиҿкаара асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысуаз амитинг иалахәын Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, атәыла аиҳабыреи Апарламент адепутатцәеи рхаҭарнакцәа, урыстәылатәии аԥснытәии аррамаҵзурауаа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа.

Аԥсни Урыстәылеи ргимн ашьҭахь урыстәылатәи ар рполковник Игор Федеров, амитинг аартуа далацәажәеит урыстәылатәи азинеиҿкааҩцәа Аԥсны аҭынчра аҟазаараз иахәҭаны иҟаз аҭагылазаашьақәа шаԥырҵаз, иара убри аан аҭыԥантәи ауааԥсыра рганахь ала аҳаҭыр ду шрымаз.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ иазгәарҭеит - Урыстәыла Амш

"Аҭынчреиҿкааратә мчрақәа рыҟазаара иалнаршеит бџьаршьҭыхлатәи аимак арԥсыҽра. Иаанкылан аҩ-ганк рахьынтә быжьнызқьҩык рҟынӡа ауаа зланҵәаз аибашьра", — иҳәеит Федоров.

Аԥсны Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа аҭынчреиҿкааҩ Имш асимвол ҟазшьа ду змоу рыцхәуп ҳәа ахиҳәааит.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны атәылауаа аҭынчреиҿкааҩцәа инарыгӡаз ароль ахәшьара ҳаракны ишыршьо.

"Ҳара иахьа аҭынчра ҳамоуп. Ҳәоуеиқәшәала ҳанхоит. Маҷ-маҷ аиҭеира амҩа ҳануп. Абарҭ зегьы алыршахеит Урыстәылеи Аԥсни рнапхгарақәа рҽазышәарала", — ҳәа иҳәеит Занҭариа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа асолдаҭи урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩи рфырхаҵара аимадаратә ҟазшьа амоуп ҳәа.

Митинг, посвященный Дню миротворческих сил Российской Федерации, в Сухуме в четверг 21 июня

Аҭынчреиҿкаара аамҭазы руалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз ргәаладыршәеит амитинг алахәылацәа. Урҭ рыхьӡала Анцәа имҵаныҳәара ду мҩаԥигеит аб Андреи.

Ацеремониа ахыркәшамҭазы Идырым асолдаҭ имемориал аҿаԥхьа ишьҭаҵан ашәҭшьыҵәрақәа.

Рауль Хаджимба, Адгур Харазия и Геннадий Гагулия на возложении у памятника российским миротворцам