Аԥсны аус ацуразы Аусбарҭа ахада ихьӡ ҳәоуп

Владимир Путин Иусбарҭаҿы аиҭакрақәа мҩаԥысит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Олег Говорун ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи асоциал-економика аганахь ала аус рыцуразы Аусҳәарҭа аиҳабыс ихьӡ еиҭеиҳәеит.

"Говорун Олег Марк-иԥа деиҭаҟаҵазааит ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи асоциал-економика аганахь ала аус рыцуразы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аусҳәарҭа аиҳабыс", — ҳәа РИА Новости Урыстәыла Ахада Иусԥҟа еиҭанаҳәоит.

Олег Говорун ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи асоциал-економика аганахь ала аус рыцуразы Аусҳәарҭа аиҳабыс дҟаҵан 2013 шықәса рзы, ҭагалан. Уаанӡа иара Урыстәылатәи Афедерациа арегионалтә ҿиара аминистрс дыҟан.