Арадио

Кьышьмариа: ижьаз аԥсшьаҩцәа сыҩнаҭаҿы рынхара фырхаҵароуп ҳәа исыԥхьаӡом

Аҟәа ақалақь анхаҩы Ҭемыр Кьышьмариа хәыда-ԥсада иҩнаҭаҿы зыԥсшьараамта Аԥсны изхызгарц зҭахыз ауаа ԥаршеицәа-амцҳәаҩцәа иржьаз аҭаацәара идыикылоит. Избан ари аҭагылазаашьа зақәҿыиҭыз, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кьышьмариа иржьаз аԥсшьаҩцәа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара иазкны

"Sputnik Аԥсны аредакциахь сасны еилыскааит иржьаз аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раагаразы аҭакԥхықәра зхахьы изгаз Оксана Черникова лномер. Иласҳәеит, ҭаацәарак иадымхаргьы схатәы ҩнаҿы инсырхар шсылшо. Доусы убас иҳалшо ала ҳаидгылар ауп ари аус аҿы. Избанзар, шықәсык дуӡӡа аус уны аԥара еизганы аԥсшьараҳәа идәықәлаз ижьара —  уи ламысдароуп. Фырхаҵарак ҟасҵеит ҳәа исыԥхьаӡом, ари Аԥсны ахьӡ ҭнагап ҳәа, аӡыргара иахәап ҳәа сақәгәыӷуеит", — азгәеиҭеит Кьышьмариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.