Арадио

Вартагаа америкатәи аԥарԥалыкь иазкны: макьана ишәарҭам

Аԥсны араионқәа џьара-џьара ицәырҵыз акаҭа ҟазҵо америкатәи аԥарԥалыкь иацу ашәарҭареи, аҵиаақәа ирынаҭо аԥхасҭеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарантинтә ҵиаақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аспециалист хада Анзор Вартагаа.
Sputnik
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Вартагаа америкатәи аԥарԥалыкь иазкны

"Америкатәи аԥарԥалыкь аԥхасҭа рынаҭоит ҳәа иԥхьаӡоуп 250 ҵиаа, ашәырҵлақәа уахь иналаҵаны. Макьана ари ахәаҷа ҳтәыла иахыҵәеит ҳәа узҳәом, ҭыԥқәак рҿы ауп иахьцәырҵыз, еиҳарак Мрагыларатәи ахәҭаҿы. Аҵиаақәа рыхәшәтәразы ахәшәқәа  Аԥсны араионқәа зегь рыҟны иҟоуп, изҭаху хәыда-ԥсада днеины игар илшоит. Акаҭа зхаԥаз амахә иаахҵәаны ибылтәуп, усҟан аԥарԥалыкь уаҳа аҿиара аиуӡом", — иҳәеит Вартагаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.