Арадио

Сабуа аԥхын аӡаҿы изықәныҟәатәу аԥҟарақәа ирызкны

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра зшәагаа маҷу амшын ӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит аӡҭалара иацу аԥҟарақәа ртәы.
Sputnik
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Сабуа аԥхын аӡаҿы изықәныҟәатәу аԥҟаррақәа ирызкны

"Аӡҭалара аамҭа аиаанӡа, ақалақьқәа рнапхгареи, амшын иаԥну акаҳуажәырҭақәеи егьырҭ ауаа рыԥсшьараамҭа ахьырхырго аҭыԥқәеи рнапхгаҩцәа ираҳҭоит анапынҵақәа. Аҽыкәабарҭатә ҭыпқәа рҿы ес-шәметрак игылазароуп аиқәырхаҩцәа, урҭ иахәҭоу амаругақәа рыла еибыҭазароуп. Сынтәа ҳгәы иҭоуп ашколхәыҷқәа рзы аилыркааратә усура амҩаԥгара, аӡы иацу ашәарҭаразы ргәырҿанҵаразы", — ҳәа азгәеиҭеит Сабуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.