Арадио

Убириа аԥсшьаҩцәа рыдкылашьазы: Аԥсныҟа иаауа ҳхаҿра змоу зегьы иазҿлымҳауп

Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩы ииашан иацәажәаша ҳақәшәароуп ҳәа агәаанагара имоуп арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, ауаажәларратә палата анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Даниил Убириа.
Sputnik

"Шьоукы-шьоукы асас-аԥсшьаҩы ианиԥылалак ацәажәашьа рыздырӡом. Ауаҩы иаахжәаны уаниацәажәалак, анаҩс егьа игәы ҟауҵаргьы, пату иқәуҵаргьы игәалашәараҿы иаанхо ишуацәажәаз атәы ауп. Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсныҟа иаауа аҭыԥантәи афатә, арыжәтә адагьы ҳҵас ҳқьабз ҳхаҿра змоу зегьы иазҿлымҳазарц шырҭаху", — ҳәа азгәеиҭеит Убириа.