"Есышьыжь ҳлабораториа аус ауеит, иааиуа акәац агәаҭара иахысуеит, анаҩс ауп аҭиразы аштамп ықәыргыланы, аџьырмыкахь ианнагахо. Алабораториа иахәҭоу амаругақәа рыла еиқәшәоуп, хазы-хазы еиуеиԥшым аалыҵ агәаҭаразы. Акәац ахаҭабзиара бзиамзар, аԥшәма ила ишабо ашәҟәы иҭагаланы ахәшә ақәыԥсаны иҟаҳҵоит. Иазгәасҭатәуп, аҭыԥантәи акәац ахаҭабзиара зегь реиҳа ишеиӷьу", — иҳәеит Шамба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.