"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Вартагаа амармалташьтә апты иазкны
© Sputnik
"Лассы-лассы иаҳзаауеит аспециалистцәа амармалташьтә пты азы аҭагылазаашьа шыҟоу аилкааразы. Даргьы иҭҵааны ирымаӡам ари ахәаҷа наҟ-наҟтәи ахымҩаԥгашьа зеиԥшрахоу. Иахьатәи атагылазаашьа ҵыԥх иҟаз иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, иаҳа еиӷьуп, усҟак аҿиара амам. Уи азы ԥынгылас ицәырҵыз макьаназы ишьақәыргылан иҟам", — ҳәа азгәеиҭеит Вартагаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.