Арадио

Аҩӡба амҳаџьыраа рхылҵшьҭрақәа Аԥсны рыӡхыҵра шыҟалаз иазкны

Рашәара 27, 1918 шықәса рзы амҳаџьыраа рхылҵшьҭрақәа зхыҵит Аԥсны, абџьар рыманы. Уи ахҭыс шыҟалаз, анаҩстәи аҭоурыхтә хҭысқәа ишырнырыз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
Sputnik

"Аԥсуаа, амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа абџьар рыманы Аԥсны рыӡхыҵра, аҭырқәа иполитика назыгӡо мчны иааит ҳәа ирыԥхьаӡеит. Усҟан аԥсуаагьы рҽеиҩшаны иҟан, абольшевикцәеи аменьшевикцәеи, ареволиуциа ҟамлар зҭахымыз Урыстәылатәи аимпериа адгылаҩцәеи ҳәа. Аԥсуаа зегьы ринтересқәа Ҭырқәтәылантәи иааз ирыхьчоит ҳәа ирыԥхьаӡеит. Абри адесант аԥсуа жәлар ринтерес иахьчоз, аԥсуа жәлар иахьыӡхыҵыз инхоз ауааи ирзеилымкааӡеит, ирыдрымкылаӡеит. Зегьы иреиҳаз аидыслара ӷәӷәа мҩаԥысит август мзазы Мықә ауахәама ааигәара, ақырҭуа меньшевикцәа рырхәҭа Мазниев дызхагылази Кьамал Маршьан дызхагылаз Ҭырқәтәылантә иааз адесанти рыбжьара. Аидыслараҿы Мазниев ир аиааира ргеит", — еиҭеиҳәеит Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.