Вашингтон Анкара иақәмақаруеит

Анкареи Вашингтони реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит ииасыз ашықәс, ԥхынҷкәынмзазы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи С-400 азы аиқәышаҳаҭра рнапы анаҵарыҩ ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27 — Sputnik. Урыстәылатәи акомплексқәа С-400 Ҭырқәтәыла иахьаанахәо Вашингтони Анкареи реизыҟазаашьақәа ҵнашәаауеит ҳәа иԥхьаӡоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ЕАШ Европеи Евразиеи русқәа рзы Аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Уесс Митчелл иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

ЕАШ Урыстәыла иаҿагыло аполитика аҭак азыԥхьагәазҭо азакәан апроект иахәаԥшхоит

"Ҳара Ҭырқәтәыла иаартны иаҳардырит С-400 аахәара ахылҿиаақәа шаиуазы. Азакәан "Асанкциақәа рыцхыраарала Америка аӷацәа рҿагылара" инақәыршәаны асанкциақәа алаагалоит" — иҳәеит иара асенат аҿы.

Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз адокумент инақәыршәаны Анкара иаанахәараны иҟоуп абатареиақәа ЗРК ҩба. Иара убасгьы аганқәа алацәажәеит арҭ акомплексқәа Ҭырқәтәыла рҭыжьразы атехнологиатә усеицура амҩаԥгара.